Russia is waging a disgraceful war on Ukraine.     Stand With Ukraine!
  • Frozen 2 (OST)

    Уабаҟоу нас [Show Yourself]

    Featuring artist: Saida Gabniya
Share
Font size
Original lyrics

Уабаҟоу нас [Show Yourself] lyrics

Са сҵысуеит сцәагьы сҭаӡыӡоит, аха уи хьҭаӡам
Уажәраанӡагь издыруан агәыӷра жәҩанаҿ ианыцырцыруа мцӡам
Уеиҧшуп сҩыза изхоу сыҧсы
Саргьы схынҳәит, уажәшьҭа сыҟоуп са сыҩны
 
Сара ӷәӷәалаҵәҟьа абааш еиҧш кыршықәсала иҵәахны
Амаӡа ӡаны, исгәыдыҳәҳәаланы
 
Уабаҟоу нас? Сыбжьы хаа уаҳароуп
Уабаҟоу нас? Сыҧхыӡ абжьы
Уа уакәын мацара сзышьҭаз уара адырга сырба
Уабаҟоу нас? Иурҳа са сыбжьы
 
Сара сеихоит сҧеиҧш ашҟа
Уажәшьҭаҵәҟьа сҿаҳәаӡам
Машәырны арахь смааиӡеит
Ицәырҵыргьы ҳамаӡа уи џьашьатәӡам
 
Есымша аӡәгьы са сиеиҧшмызт
Сазусҭоу аилкаара сҭахын
Иааит аамҭа,исауҳәароуп шьҭа
Еилыскаап са сышьҭра
 
Уабаҟоу нас? Сара уаҳа сшәаӡом
Уара уаҧхьа схы ласырҟәӡом
Акыршықәса аҭак сзышьҭаз уоуп уара адырга сырба
О уабаҟоу нас? Уцәырҵ уҽсырба
 
Уцәырҵ сара сахь
Ашәқәа аарты
Акыр шықәса стәан
Уа сузыҧшны
О уцәырҵ сара сахь
Ашәқәа аарты
Акыр шықәса стәан уа сузыҧшны
 
Аҵакыра зегь ахьҵаау
Аӡиасыҟоуп зегь здыруа ауп
Аҩны иашьҭоуп ба быҧсы
Исыҧшааит!
 
Уабаҟоу нас? Уара амчра ду умоуп.
Аҧсҭазаара аҧсахразы.
Ҵыхәаҧҵәарада абжьыхаа сыузыҧшуп адырга сырбаа
О, уабаҟоу нас?
 

 

Translations of "Уабаҟоу нас [Show ..."
Please help to translate "Уабаҟоу нас [Show ..."
Comments
JordanYTJordanYT    Sun, 22/05/2022 - 17:42

Where did you get the lyrics?

Alvis ChongAlvis Chong
   Mon, 23/05/2022 - 18:57

Saida Gabniya gave me via Instagram DM.
I requested for it :)